„СИ ЕН ЕН“  Кацхтәи абааш иазкны астатиа аланарҵәеит
 „СИ ЕН ЕН“  Кацхтәи абааш иазкны астатиа аланарҵәеит

 

„ Кацхтәи абааш – иҷыдоу уахәамоуп, уаҟа агәымшәа берцәа анцәа изааигәахон” – абас захьӡу астатиа аланарҵәеит  анырра змоу Америкатә ателееилахәыра  “СИЕНЕН“  еицырдыруа адырраҭара „СИЕНЕН Ҭревел“.

Астатиа автор аҧхьаҩцәа иреиҳәоит, Кацхтәи абааш зегьы реиҳаӡа иҟәыҭхоу, ицқьоу ҭыҧуп, уи 40 метр аҳаракыра амоуп.

„   Коцхтәи акомплекс иуникалуп. Абааш адунеи аҟны зегьы реиҳаӡа ицқьоу ҭыҧуп. Уаатәи аберцәа роуп  адунеи зехьынџьара аҟнытә абааш ақәцәахь 20- минуҭтәи амҩа иахысны ақәлара  азин змоу“  – иҩуеит астатиа автор.

Автор ари амҩа џьаанаҭ ахь ицо амардуан ахьӡиҵеит, уахь ахалара азин змоу агәымшәа хацәа роуп, астатиа автор ари аҭыҧ ауникалреи, уахь инеиуа амҩеи, ауахәама-аберҭыҧ иџьбароу аҵасқәеи итрызкны акыр инарҭбааны  аҧхьаҩцәа ирзеиҭеиҳәоит.