Си Ӡинпин - Жәлрабжьаратәи аренаҿ ахҭысқәа Китаи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәы рнырра ма рықәыӷәӷәара рылшом
Қырҭтәылеи Китаи аиҩызареи ибзиоу апартниорреи рыбжьоуп. Жәлрабжьаратәи аренаҿ ахҭысқәа Китаи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәы рнырра ма рықәыӷәӷәара рылшом, – иҳәеит Китаитәи Жәлар Рреспублика ахада Си Ӡинпин Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили даниԥылоз.
„Ҳахьеибадырыз даара сгәы иаахәеит, ҳаыр хқәу аԥыза-министр. 31-тәи аҧхынтә адунеитә ауниверситеттә ахәмаррақәа рҿы шәымшьҭа бзиахааит. Ҳтәылақәа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьуижьҭеи 31 шықәса ҵуеит. Китаи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа иҭышәынтәаланы иҿиаауеит. Қырҭтәылеи Китаи аиҩызареи ибзиоу апартниорреи рыбжьоуп. Жәлрабжьаратәи аренаҿ ахҭысқәа Китаи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәы рнырра ма рықәыӷәӷәара рылшом. Қырҭтәылеи Китаи астратегиатә партниорра рыбжьарҵоит, ари иабзоураны ҩганкалатәи аиҩызара аҩаӡара ҿыц ихь ииасуеит”, – иҳәеит Китаи ахада.
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Китаитәи Жәлар Рреспублика ахада Си Ӡинпин диԥылеит.