Швециа ацҳаражәҳәарҭа – Қырҭтәыла ахақәиҭра зхы ақәызҵаз ауааҧсыра зегьы ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит, ҳара наҟ-наҟгьы иаку европатәи Қырҭтәыла ҕәҕәа ҳадгылоит
Қырҭтәыла иҟоу Швециа ацҳаражәҳәарҭа мшаҧы 9 рзы иҟалаз арыцҳара инаркны 35 шықәса аҵра инамаданы аҳәамҭа аланарҵәеит.
«35 шықәса раҧхьа, 1989 шықәса мшаҧы 9 рзы, ахақәиҭра иазықәҧоз аҭынчратә ақырҭуа демонастрациа еимдырҧҧит. Ҩышықәса рышьҭахь Қырҭтәыла ахатә хьыҧшымра еиҭашьақәнаргылеит. Амилаҭтә акзаара амш азы, ҳара Қырҭтәыла ахақәҭра иазықәҧоз ауааҧсыра зегьы ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит. Ҳара наҟ-наҟгьы иаку европатәи Қырҭтәыла ҕәҕәа ҳадгылоит», — иануп Швециа ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.