Швециа адәныҟатәи аусқәа рминистр  - Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа даараӡа ҳаргәамҵуеит, дара Евроеидгыла алалара иаҧырхагоу ашьаҿақәа ирласӡаны иҟарҵоит
Швециа адәныҟатәи аусқәа рминистр  - Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа даараӡа ҳаргәамҵуеит, дара Евроеидгыла алалара иаҧырхагоу ашьаҿақәа ирласӡаны иҟарҵоит

Швециа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Мариа Малмер Стенергорд лҳәамҭала, Швециа  Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа даарӡа иаргәамҵуеит.

Лара ари аҳәамҭа ҟалҵеит Бриуссель, Евроеидгыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рхеилак аилатара иалагаанӡа.

«Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа даараӡа ҳаргәамҵуеит, дара Евроеидгыла алалара иаҧырхагоу ашьаҿақәа ирласӡаны иҟарҵоит. Ҳара адемократиеи апресса ахақәиҭреи иазықәҧо ауааҧсыра ҳрыдгылоит, избанзар, уи Қырҭтәылазы зҵакы дуу ҳасабтәуп ҳәа ҳгәы иаанагоит», — илҳәеит Стенергорд.