Швеицариа Амилаҭтә хеилак ахада - Ҳара жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара ҳадгылоит
«Қырҭтәыла иадҳәалоу азҵаарақәа иаҳа активла ҳрылахәызар ҳҭахуп, 2022-2025 шықәсқәа рзтәи апрограмма алагьы иубарҭоуп Қырҭтәыла Швеицариазы аҵакы ду шамоу», — илҳәеит Швеицариа Амилаҭтә хеилак ахада Ирен Келин.
Лара лажәақәа рыла, Қырҭтәылеи Швеицариеи аимадара ҕәҕәа рыбжьоуп, уи аҵакы ду амоуп.
Швеицариатәи аконфедерациа Амилаҭтә хеилак ахада ишылҳәаз ала, Швеицариа наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла иацхраауеит азанааҭтә аҿиареи, аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи, аимакқәа рҭыҧқәҵареи, аекологиатә проблемақәа рыӡбареи аҿы.
«Ишыжәдыруа ала, Швеицариа, аҩ-тәылак рыҳәарала, аиҿцәажәарақәа ирылахәып. Швеицариа жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара иадгылоит. Ҳара уажәтәи адемократиатә баланси аҭынчреи аҧсыҽра ҳалацәажәеит. Қырҭтәыла ҳара ҳаҵкыс еиҕьны ирдыруеит аибашьра алҵшәас иахылҵыр иҟало. Украина имҩаҧысуа аибашьра адунеи зегьы азы анырра цәгьа амоуп. Ҳара абарҭ азҵаарақәа рзы аус еицаауроуп. Ҳара ҳаидгылазароуп. Зҵаарақәак рзы ҳҳәатәы еиқәымшәозаргьы, ҳаиқәшаҳаҭны ӡбашьак раҳҭароуп. Азеиҧш принципқәеи, аиашареи, ауаҩытәыҩса изинқәеи ҳхамшҭроуп, абри ауп Қырҭтәылагьы, ҳара ҳҿгьы, Швеицариагьы ахадаратә ҵакы зауша», — илҳәеит Келин.