Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Шови дыҟоуп
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Шови дыҟоуп

Шови, арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы ауахәамеи амемориали дыргылоит.

Ари атәы ааицҳаит аҭыԥ ашҟа инеиз Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Шови, арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы ауахәама дыргылоит, ари ала зыуацәа ҭахаз ауаа рыдгылара ааҳарԥшуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иракли Кобахиӡе ҵыԥх аԥсабаратә рыцҳараан иҭахаз ауааԥсыра рыуацәа даҽазнык дрыдашшылеит.

„Шови арыцҳара ду ҟалеижьҭеи шықәсык ҵит. Ҳара арҭ амш цәгьақәа ибзиаӡаны иҳгәалашәоит. Ари арыцҳара ду аан иҭахаз ауааԥсыра рыуацәа даҽазнык срдашшылар сҭахуп. Излаҳалшо ала ҳрыдгылароуп”, – иҳәеит аԥыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы ауахәама дыргылоит.

Шовтәи арыцҳара ҟалеижьҭеи шықәсык ҵит. Ҵыԥх, нанҳәа 3 рзы иҟалаз адгьылбгара иалаӡит 33-ҩык, 32-ҩык рыԥсыбақәа рыԥшааит.

Аԥыза-министр Иракли Кобахиӡеи анапхгара рхаҭарнакцәеи Шови арыцҳара иалаӡыз ауаа ҳаҭырла ирлгәалашәеит.

Арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ашҟа инеиз аԥыза-министр ицын Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, Аекономика аминистр Леван Давиҭашвили, аҭыԥантәи напхгара рхаҭарнакцәа.

Никорҵминдатәи аҷҟәандар Вахтанги адоуҳаныҟәгаҩцәеи арыцҳара иалаӡыз ауааԥсыра рзы апанихида мҩаԥигеит.