Шови, аԥсабаратә рыцҳараан иҭахаз рҭаацәарақәа акомпенациа аҳасабла 20 нызқь лари роуеит
Шови, аԥсабаратә рыцҳарааҭ иҭахаз рҭаацәарақәа акомпенациа аҳасабла 20 нызқь лари роуеит.
Ари аҳәамҭа аиҳабыра реилатәараҿ ҟаиҵеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.
„Шови иҟалаз арыцҳара даҽазнык сазааҭгылар сҭахуп. 32-ҩык ҳтәылауаа аԥсабаратә рыцҳара иалаӡит. Иҳадаҳкылаз аӡбара инақәыршәаны, Шови, аԥсабаратә рыцҳарааҭ иҭахаз рҭаацәарақәа акомпенациа аҳасабла 20 нызқь лари роуеит“, – иҳәеит Ӷарибашвили.