Шио Ахԥатәи Франциа ацҳаражәҳәаҩ Оливье Курто диԥылеит

10:00, 03.07.2026

Шио Ахԥатәи Франциа ацҳаражәҳәаҩ Оливье Курто диԥылеит

Қырҭтәыла зегьы Акатоликос-Апатриарх, Мцхета-Қырҭтәыла архиепископ, Пицунда Цхум-Аԥсни рмитрополит Шио III Қырҭтәыла иҟоу Франциатәи Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Оливье Курто диԥылеит.

Қырҭтәылатәи Апатриархат иҟанаҵаз адыррақәа рыла, аилатәара рхы аладырхәит Қырҭтәыла зегьы Акатоликос-Апатриарх ахор Аепископ, Ахалцихе амитрополит, Тао-Кларџьети Ҭеодор (Чуаӡе), Апатриархат адәныҟатәи аусқәа рҟәша аиҳабы, Зухарасиди Шьараси амитрополит Акатоликос-апатриарх имаӡаныҟәгаҩ, аԥшьаҩы Михаел Ботковели, Апатриархра ауаажәларра рымадаратә усбарҭа анаԥхгаҩы, аԥшьаҩы Андриа Џьаӷмаиӡе.

«Аиԥылара иԥханы имҩаԥысит.

Ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәылатәи Ауахәама Аиҳабы Апатриарх имаҵура идиныҳәалеит, хаҭала Франциа аиҳабыра адныҳәалара изеиҭеиҳәеит.

Акатоликос-патриарх Франциа ацҳаражәҳәаҩи Франциа аҳәынҭқарреи иҟарҵаз адныҳәаларақәа рзы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аиԥылараҿы ахшыҩзышьҭра аҭан Қырҭтәылеи Франциеи ирыбжьоу аҭоурыхтәи акультуратәи еимадарақәа, аҩҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа рҵак ду шамоу азгәаҭаны.

Ахәҭакахьала, асас иазгәеиҭеит Франциа Қырҭтәыла аҭынчреи, уи асуверенитети, акультуратәи аҵарадырратәи усеицура ацҵара ишадгыло.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз, Қырҭтәылатәи Ауахәама Ахада асас ҳамҭас ииҭеит Қырҭтәыла ақьырсианра ҳәынҭқарратә динхаҵараны ишрылаҳәаз 1700 шықәса ахыҵра инамаданы иаԥҵаз аиубилеитә џьар», –  иаҳәоит аинформациа аҿы.

Еиԥшу