Шарль Мишель Қырҭтәылаҿ ивизит ихыркәшоуп
Шарль Мишель Қырҭтәылаҿ ивизит ихыркәшоуп

Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель Қырҭтәылаҿ ивизит ихиркәшеит.

Иаха, Орбелианиаа рхан аҿы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лыхьӡ ала Европатәи ахеилак ахада иаҳаҭыр азы уаххьа мҩаԥган.

Уаххьахь иааԥхьан Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель идокумент рнапы аҵазҩыз аполитикцәа. Урҭ ражәақәа рыла, ауснагӡатә аҿы адокументи уи анагӡара аплани рыхцәажәеит.