Шарль Мишель иахьа Қырҭтәыла даҭаауеит
Шарль Мишель иахьа Қырҭтәыла даҭаауеит

Европатәи ахада Қырҭтәыла даҭаауеит, – ари атәы Шарль Мишель Орбелианиаа рхан аҿы авидеоаиԥылараан ааицҳаит.

“Апату сымоуп уаҵәы Қырҭтәыла саҭаар, шәыззегьы сышәԥылар, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа ҳрыхцәажәар,” – иазгәеиҭеит Шарль Мишель.

Орбелианиаа рхан аҿы, Шарль Мишель апартиақәа ирыдигалаз адокумент анапаҵаҩра мҩаҧысит.

«Европатәи Қырҭтәылеи»  «Иаку амилаҭтә ҵысреи» рыда, егьырҭ апартиақәа зегьы адокумент рнапы аҵарҩит. Адокумент рнапы аҵарҩит: Давид Бақраӡе, Алеко Елисашвили, Бадри Џьаԥариӡе, Зураб Џьаԥариӡе, Мамука Хазараӡе, Вахтанг Мегрелишвили, Шалва Папуашвили, саломе Зурабишвили, Хаҭуна Самниӡе, Арчил Ҭалакваӡе, Гиорги Вашаӡе.

Адокумент анапаҵаҩра ацеремониа рхы аладырхәит ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцели.

Иацы Шарль Мишель апартиақәа ажәалагала ҿыц рыдигалеит. Адокумент ҿыц инақәыршәаны, аҭыҧантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа рҿы  анапхгаратә партиа  апропорциатә сиақәа рыла 43% еиҵны ироур,  2022 шықәсазы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаҧгахоит.