Шарль Мишель - Абиԥарак ахаан шәуаажәларреи Евроеидгылеи рыбжьара иҟаз абжьаӡара маҷхеит
Шарль Мишель - Абиԥарак ахаан шәуаажәларреи Евроеидгылеи рыбжьара иҟаз абжьаӡара маҷхеит

Ахьыԥшымреи Евроеидгыла ахь аинтеграциеи рымҩаҿ, абиԥарак ахаан шәуаажәларреи Евроеидгылеи рыбжьара иҟаз абжьаӡара маҷхеит,  – иҳәеит Евроаптәи ахеилак ахада Баҭымтәи жәларбжьаратәи аконференциаҿ “Қырҭтәыла европатәи амҩаҿ” данықәгылоз.

Мишель иажәақәа рыла, Евроеидгыла Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи гәык ала ирзыҟоу партниоруп адемократиеи аҭышәынтәалареи рымҩаҿ.

“30 шықәса ҵуеит Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи ахьыԥшымра шьақәдыргылеижьҭеи. Аԥхьагылара змаз абиԥарак, аԥеиԥш шьаҭазкуа, арҭ иаҳзеиԥшу аԥсазарақәа шьаҭас измоу амшхәбзазаразы аусеицуратә қәыԥшылара аргылара иалаго абиԥарак ауп, урҭ имариамыз амҩаалырхит. Урҭ адестабилизациеи, агрессиеи, ааԥхьарақәеи рфонаҿ атәыла аԥеиԥш азықәԥон. Евроеидгыла ари амҩаҿ, иаҳзеԥшу ахықәкы ахьӡара амҩаҿ адгылара ӷәӷәа шәзаанарԥшуеит. Уи абиԥара ахаан шәуаажәларреи Евроеидгылеи рыбжьара иҟаз абжьаӡара маҷхеит. Евроеидгыла гәык ала ишәзыҟоу партниоруп адемократиеи аҭышәынтәалареи рымҩаҿ,” – иҳәеит Гарль Мишель.