Шәaнтәылa, Ҭеҭнудли иӡыз хҩык aтуристцәa рыҧшaaрa aгьежьҧрыгaлa иaҿуп
Шәaнтәылa, Ҭеҭнудли иӡыз хҩык aтуристцәa рыҧшaaрa шьыжь инaркны еиҭaлaгеит.
Аҭaгылaзaaшьa ҷыдaқәa рмaҵзурa aинформaциa aлa, aҧшaaрa иaҿуп aгьежьҧрыгa aлa.
Белaрустәи aтуристцәa иӡит ҳәa 112 aхь aдыррa ҟaрҵеит иaхa. Иҟоу aдыррaқәa рылa, aхҩык aтуристцәa aҳәсa роуп, aӡәы 60 шықәсa лхыҵуеит, aӡәы 36 шықәсa.