Шәамахьтәыла ахада  - Қырҭтәылаҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбаара азҵаара Шәамахьтәылазы аҵакы ду амоуп
Шәамахьтәыла ахада  - Қырҭтәылаҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбаара азҵаара Шәамахьтәылазы аҵакы ду амоуп

Аофициалтә визитла Қырҭтәыла иаҭааиз Шәамахьтәыла ахада  Ваагн Хачатуриан  ишиҳәаз ала, Қырҭтәылаҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбаара азҵаара Шәамахьтәылазы аҵакы ду амоуп.

Атәыла ахада Саломе Зурабишвилии иареи еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы Шәамахьтәыла ахада ишиҳәаз ала, зыҩаӡара ҳараку аиҧыларақәа ринтенсиврагьы ишьқәнарҕәҕәоит  ахырхарҭақәа зегьы рыла аганқәа ирзыфеидоу аусеицура  арҭбааразы атәылақәа рхы иадырҵаз аҧхықәрақәа шынарыгӡо.

«Иахьа Қырҭтәыла ахадеи сареи имаҷымкәа азҵаарқәа ҳрылацәажәеит  —  атранспорт, аимадара, акоммуникациақәа, агуманитартә зҵарақәа. Ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәеит аганрацәалатәи еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара ҳшазҿлымҳау. Атәыла цыҧхьаӡа гәылара иҟоу атәыла ахатә ҧышәа аднагалароуп, уи аҵакы ду амоуп. Ҳара арегионалтә шәарҭадареи арегионалтә проблемақәеи ҳрылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп абри аҩыза азҵаарақәа рҿы ҳаизыҟазаашьақәа ақырҭуа-амашәахь аиҩызара ашьаҭала ишҿиаауа. Шәҽазышәарақәа зегьы рҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит», — иҳәеит  Ваагн Хачатуриан.