Шәамахьтәыла ахада Қырҭтәыла иофициалтә визит иалагеит
Шәамахьтәыла ахада Қырҭтәыла иофициалтә визит иалагеит

Шәамахьтәыла ахада Ваагн Хачатуриан Қырҭтәыла иофициалтә визит иалагеит.

Шәамахьтәыла ахада иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧысуеит Орбелианиаа рхан аҿы.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шәамахьтәыла ахада Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили дылҧылоит, анеҩс, ирҭбаау аформат аҿы аиҧылара мҩаҧысуеит. Убри ашьҭахь, атәылақәа рхадацәа  АИХ рзы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шәамахьтәыла ахада, Қырҭтәыла аҧыза-министри апарламент ахантәаҩи дырҧылоит.