Шәамахьтәыла аџьауси асоциалтә зҵаарақәеи рзы аминистр Арсен Торосиан аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит
Шәамахьтәыла аџьауси асоциалтә зҵаарақәеи рзы аминистр Арсен Торосиан аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит.
Қырҭәәыла агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, ари авизит хықәкыс иамоуп ҩ-тәылак русеицура арҭбаареи, уажәазы имҩаҧысуа ареформақәа рылацәажәареи, аҧышәа аиҭныҧсахлареи.
«Арсен Торосиан аделегациа ицуп. Қырҭтәыла аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә ахьчареи рзы аминистр Михаил Сарџьвелаӡе шәамахьтәылатәи иколлега диҧылоит. Иара убас, аделегациа алахәылацәа Қырҭтәыла апарламент алахәылацәа ирҧылоит», — иануп Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациаҿы.