Шалуа Папуашвили - Акоррупциа аҿагыларатә уснагӡатәқәа рзы иаԥҵоуп аусуратә гәыԥ, агәыԥ аусура аҿалархәреи агәаанагара аарԥшреи зегьы ирылшон
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шалуа Папуашвили иажәақәа рыла, Акоррупциа аҿагыларатә уснагӡатәқәа рзы иаԥҵоуп аусуратә гәыԥ, агәыԥ аусура аҿалархәреи агәаанагара аарԥшреи зегьы ирылшон.
Папуашвилиаоппозициаа Акоррупциа аҿагыларатә агентра аԥҵара идҵаны иахьықәдыргылаз азҵаара дахцәажәеит.
«Ишыжәдыруа ала, акоррупциа аҿагыларатә уснагӡатәқәа рзы иаԥҵоуп аусуратә гәыԥ, агәыԥ аусура аҿалархәреи агәаанагара аарԥшреи зегьы ирылшон. Адунеи аҿы, Европаҿ иҟоуп еиуеиԥшым амодельқәа,урҭ ранализ ашьаҭала иашьашәалуо азакәанпроект ҳармазеиуеит. Иахьа апозициақәа иахьеиҭнырыԥсаххо аилатәара мҩаԥгароуп. Агәыԥ ахаҭарнакцәа рхала ишәыдаргалоит ирыдыркыол аӡбарақәа ирызку адыррақәа,” – иҳәеит Папуашвили