Шалва Папуашвили – Аиҳабыра аӡәы ихьыҧшуп  ҳәа иқәдыргыло  ахарадҵарақәа ахьымӡҕ удыргоит, аполиаризациа  дырҕәҕәоит
Шалва Папуашвили – Аиҳабыра аӡәы ихьыҧшуп  ҳәа иқәдыргыло  ахарадҵарақәа ахьымӡҕ удыргоит, аполиаризациа  дырҕәҕәоит

«Аиҳабыра аӡәы ихьыҧшуп  ҳәа иҟарҵо ахарадҵарақәа ахьымӡҕ удыргоит, аполиаризациа  дырҕәҕәоит, аганқәа зегьы рахь , европатәи аполитикцәа рахьгьы ааҧхьара ҟасҵоит абри аҩыза ариторика иаҟәыҵырц», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра аус руеит Аконституциала рхы иаду аҭакҧхықәрала. Папуашвили иҳәамҭала, аиҳабыра алахәылацәа зегьы, аӡәы ихьыҧшымкәа, дара рхала аӡбарақәа рыдыркылоит.

«Еиқәыҧхьаӡоу 12 пунктқәа руакы – адеолигархизации, атәыла аҩныҵҟа аполитикатә аиҿагыларазы ахархәара амоуп, даара хазхаҭалатәи ахаҿы, Биӡина Иванишвили иҿагылоуп, убри ал ақырҭуа напхгара раҳаҭыр ладырҟәыр рҭахуп. Убри аҟынтә, Иванишвили долигархуп ҳәа зҳәо дарбанызаалакгьы Қырҭтәыла аиҳабыреи  урҭ иалзхыз  Қырҭтәыла ауааҧсыреи раҳаҭыр ладырҟәоит», — иҳәеит  Шьалуа  Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, абри аҩыза ахарадҵарақәа рымшала аполиаризациа иаҳа иҕәҕәахоит, уи Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡара иаҧырхагоуп.