Шалва Папуашвили – Адемократиа иадҳәаланы адезинформациатә штурм мҩаҧысуеит, уи 2020 шықәсазгьы иаабахьеит,   ари асценари  «Маккеин иинститут» аҳасабырбаҿы иарбоуп
Шалва Папуашвили – Адемократиа иадҳәаланы адезинформациатә штурм мҩаҧысуеит, уи 2020 шықәсазгьы иаабахьеит,   ари асценари  «Маккеин иинститут» аҳасабырбаҿы иарбоуп

«Адемократиа иадҳәаланы адезинформациатә штурм мҩаҧысуеит, уи 2020 шықәсазгьы иаабахьеит,   ари асценари  «Маккеин иинститут» аҳасабырбаҿы иарбоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иҳәамҭала, аоппозициатә мчқәа «Маккеин иинститут» иану асценари ишиашо иақәныҟәоит.

«Иацы рбрифнг ҳбеит, дара  180 алхырҭақәа рылҵшәақәа раҧыхра иаҳәоит.

Аиашаз, иҵаҵгәырку ашаҳаҭгақәа аныҟам, абри аҩыза аҳәамҭақәа рыҟаҵара ҧхашьароуп. Уи Қырҭтәыла иаҿагыло адезинформациатә штурм ауп, уи ақырҭуа демократиазы аинформациатә жәылароуп. Ари асценари  «Маккеин иинститут» аҳасабырбаҿы иарбоуп, ари аҳасабырба цәырган алхрақәа раҧхьа. Дара ишиашо ари асценари иақәныҟәоит», — иҳәеит Шьалуа  Папуашвили.

Жьҭаара  26 рзы имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа раҧхьа,  «Маккеин иинститут» аглобалтә программақәа рдиректор, Қырҭтәыла иҟоу   NDI аофис ҧасатәи анапхгаҩы  Лора Торнтон илырмазеиз аҳасабырба  «Маккеин иинститут» асаитаҿ икьыҧхьын цәыббра  17 рзы.

Аҳасабырба инақәыршәаны, ақырҭуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыхәҭак Евроеидгылахь ааҧхьара ҟарҵоит авизадатә режим ааныркыларц.  «Маккеин иинститут» ажәахә иануп: анаҧшцәа  «Ақырҭуа гәахәтәы» аиааира ишагаз шьақәдырҕәәҕар, ажәларбжбаратәи ауаажәларра наҟ-наҟгьы атәыла аиҳабыра апротестқәа ишрықәҿырҭуа ацклаҧшра рықәшәоит. Иара убас,  «Маккеин иинститут» аҳасабырба иануп:  Қырҭтәыла иҟоу аимак аҿы аоппозициаа рылахәызаара иазкны  «Ақырҭуа гәахәтәы» иҟарҵаз аҳәамҭа – ашьҭымҭа ҕәҕәоуп, ақырҭуаа Мраҭашәара аҟынтә ашәарҭадара агарантиақәа рымбеит».