Қырҭтәыла ахԥатәи ахада Михеил Саакашвили идукат Шьалуа Хаҷапуриӡе иажәақәа рыла, Сакашвили даҽа хәышәтәырҭахь диаргар ҟалап.
Хаҷапуриӡе Қырҭтәыла Актәи аканал ахь ишааицҳаз, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Саакашвили агабзиара аҭагылазаашьа цәгьахеит.
“Сакашвили даҽа хәышәтәырҭахь диаргар ҟалап, ҳара уи аҳәаанырцә даҳгар ҳҭахуп, аха ари азы апроцес мҩаԥгатәуп, апроцессынӡа ареанимациатә ҟәшахь диаргароуп. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иҭагылазаашьа цәгьахеит. Аконсилиум мҩаԥыргароуп, иҵегьы аҳақьымцәа изрангароуп. Аекспертцәа прозициа зеиԥшроу иаадыруеит – уи ахкырацәа змоу аклиникахь дииагатәуп Европа ма Америкашҟа. Иҟоуп аҳаирплан ҷыдақәеи атехникеи. Ари аныҟырамҵа, абра дыԥсуеит,” – иҳәеит Хаҷапуриӡе.