Шьалуа Папуашвилии апарламенттә аиҳара алахәылацәеи Мухровани арратә базаҿы иҟан
Апарламент ахантәаҩи апарламенттә аиҳара алахәылацәеи Мухровани арратә базаҿы иҟан.
Шьалуа Папуашвилии адепутатцәеи рыдыркылеит атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Григол Гиоргаӡеи Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы Гьаргь Матиашвилии. Асасцәа абаза ҿыц аргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа рбеит.
Мухровани Аоперациа ҷыдақәа рнапхгара арратә баҿа ҿыц аргылара иаҿуп. Аинфраструктуратә усурақәа рыла иазҧхьагәаҭоуп 24 ахыбра ҿыцқәа рыргылареи ҧасатәи 3 хыбрак реиҭашьақәыргылареи.
Зыӡбахәы ҳәоу абаза аргылара иазоушьҭуп 70 миллион лари.