Шьалуа Папуашвили  - Зурабишивли ашьапылампылтә аизга анашьамҭақәа рыҭаразы мшаҧы 4 рзы ашәҟәы лзааҩит,  аха, иахьагьы лнапы аҵалымҩыцт, уи алагьы иубарҭоуп лара зҵаарақәак дышрызныҟәо
Шьалуа Папуашвили  - Зурабишивли ашьапылампылтә аизга анашьамҭақәа рыҭаразы мшаҧы 4 рзы ашәҟәы лзааҩит,  аха, иахьагьы лнапы аҵалымҩыцт, уи алагьы иубарҭоуп лара зҵаарақәак дышрызныҟәо

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, атәыла ахада, ашьапылампылтә аизга алахәылацәеи  азыҟаҵаҩцәа рштаб ахаҭарнакцәеи  анашьамҭақәа рыҭара иазку ашәҟәы уажәгьы лнапы аҵалымҩыцт.

Папуашвили иажәақәа рыла, уи алагьы иубарҭоуп Саломе Зурабишвили зҵаарақәак дышрызныҟәо.

„Ишыжәдыруа еиҧш, сареи аҧыза-министри  ашьапылампылтә аизга анашьамҭақәа рыҭаразы Зурабишвили ашәҟәы лзааҩит мшаҧы 4 рзы, аха, лара  иахьагьы лнапы аҵалымҩыцт. Уи алагьы иубарҭоуп лара зҵаарақәак дышрызныҟәо. Лпиар иадҳәалоу зҵаарак акәзар,  иаразнакҵәҟьа ақәҿыҭра алҭоит, аха, аҳәынҭқарратә зҵаарақәа дышрызныҟәо жәбоит. Ганкахьала уи угәы иалсратәы иҟоуп, егьи аганахьала зегь еилкаауп. Ҳара Аконституциа еилазгаз, атәыла аинтересқәа иатәазымбаз ауаҩы ҳлылацәажәоит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ишаабо еиҧш, лара аҳәаанырцәынтә иларҳәо ауп иҟалҵо“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.