Шьалуа Папуашвили - Жәшьаҿак аус рыдулара ԥхынҷкәын азы ҳалагеит, Европаҟны аинтеграциазы аиҳабыратә акомиссиа шьақәнарӷәӷәаз ауснагӡатә план инақәыршәаны ԥхьаҟа ҳцоит
Европаҟны аинтеграциазы аиҳабыратә акомиссиа шьақәнарӷәӷәаз ауснагӡатә план инақәыршәаны ԥхьаҟа ҳцоит, иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Еврокомиссиа жәрекоменадциак ирызкны аусуратә аиԥылараа иалагаанӡа.
„Раԥхьаӡа иргыланы исҳәарц исҭаху абри ауп – жәшьаҿак аус рыдулара ԥхынҷкәын азы ҳалагеит, актәи аиԥыларагьы ԥхынҷкәын азы мҩаԥган, уи апартиақәа рфинансыркра иазкын. Иахьатәи аиԥылараҿ Европаҟны аинтеграциазы аиҳабыратә акомиссиа шьақәнарӷәӷәаз ауснагӡатә план иалоу азҵаарақәеи атемақәа ҳрыхцәажәоит, ари аплан иазкны аимадара ҳаман Еврокомиссиаҟны”, – иҳәеит Папуашвили.
Апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз, аиԥылара аусуратә форматла мҩаԥысуеит.
„Иахьатәи аиԥылараҿ ҳарзааҭгылоит жәшьаҿак ирыдҳәалоу азҵаарақәа зегьы. ыдала ҳарзааҭгылоит апарламент акомпетенциа иалоу азҵаарақәа“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.