Шьалуа  Папуашвили – Хҩык аӡбаҩцәеи ҧасатәи аӡбаҩки рзы ирыдыркылаз  аӡбара иадҳәаланы Келли Дегнан ишылҳәаз ала, уи асанкциа акәымкәа,  авизатә аҧкроуп, абызшәатә аиҭагара аганахьала апроблема цәырҵит ҳәа лҳәеит
Шьалуа  Папуашвили – Хҩык аӡбаҩцәеи ҧасатәи аӡбаҩки рзы ирыдыркылаз  аӡбара иадҳәаланы Келли Дегнан ишылҳәаз ала, уи асанкциа акәымкәа,  авизатә аҧкроуп, абызшәатә аиҭагара аганахьала апроблема цәырҵит ҳәа лҳәеит

Апарламент аспикер Шьалуа  Папуашвили иҳәамҭала, Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан лҟны аиҧылараан еиуеиҧшым азҵаарақәа ирылацәажәеит, ақырҭуа аӡбаҩцәа асанкциақәа рзышьақәыргылара азҵаарагьы.

Иара иажәақәа рыла, ацҳаражәҳәаҩ  иаҵшьын иазгәалҭеит уи асанкциа акәымкәа, авизатә аҧкра  шакәу.

«Хҩык аӡбаҩцәеи ҧасатәи аӡбаҩки рзы ирыдыркылаз  аӡбара иадҳәаланы зҵакы дуу фактк иҟоуп –  Келли Дегнан ишылҳәаз ала, уи асанкциа акәымкәа,  авизатә аҧкроуп, абызшәатә аиҭагара аганахьала апроблема цәырҵит ҳәа лҳәеит.  Ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы ажәа «асанкциа» ахархәара иахәҭамызт ҳәа сгәы иаанагоит. Иара убас,  ҳара аршаҳаҭгақәагьы ҳрылацәажәеит.  Ацҳаражәҳәаҩ еиҭалҳәеит ари аӡбара шрыдыркылаз иаарту ахыҵхырҭақәа рышьаҭала. Ишубарҭоу ала, уаҳа изакәызаалак информациак иҟам. Ари азҵаара иадҳәаланы иацҵаны изакәызаалак информациак ҳмоуит.  Аӡбара ахаҭа авизатә аҧкра мацара иазкуп, убри аҟынтә, Қырҭтәыла атәылауаа, ақырҭуа аӡбаҩцәа абас ржәылареи акоррупциа знапы алаку аӡбаҩцәа ҳәа рыхцәажәареи ҳзақәшаҳаҭхом. Апартниорцәа абас рхы мҩаҧыргом», — иҳәеит  Шьалуа  Папуашвили.