Шьалуа Папуашвили - Хышықәса раԥхьа апарламент Украина иазкыз ақәҵара аднакылеит, аамҭа ишаҳнарбаз ала, анапхгара имҩаԥнагаз аполитика амилаҭтә интересқәа акәын шьаҭас иамаз
Хышықәса раԥхьа, 2022 шықәса жәабран 1 азы, аибашьра алагара мызкы шагыз, Қырҭтәыла апарламент Украина арратә аескалациа иазкыз ақәҵара аднакылеит, ари ақәҵара арадикалтә оппозициаа иадымгылеит, Урыстәыла аганахьала агрессивтә ақәҵараӡам ҳәа, – асоциалтә ҳаҿы иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
“Хышықәса раԥхьа, 2022 шықәса жәабран 1 азы, аибашьра алагара мызкы шагыз, Қырҭтәыла апарламент Украина арратә аескалациа иазкыз ақәҵара аднакылеит. Арезолиуциа хықәкы хадас аман Украина адгылара азааршра, Украина асуверенитет адгылара, аибашьра аԥырҟәҟәаара алшарц ааԥхьара. Ари ақәҵара арадикалтә оппозициаа иадымгылеит, Урыстәыла аганахьала агрессивтә ақәҵараӡам ҳәа.
….Аамҭа ишаҳнарбаз ала, анапхгара имҩаԥнагаз аполитика амилаҭтә интересқәа акәын шьаҭас иамаз”, – асоциалтә ҳаҿы иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.