Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Кавкази Ацентртә Азиеи рҿы Аҩадаатлантикатә алианс ахаҭарнак ҷыда Хавиер Коломина диҧылеит.
Шьалуа Папуашвили НАТО ахаҭарнак ҭабуп ҳәа иеиҳәеит НАТО ашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа апроцесс ацхрааразы. Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы атәыла аҿаҧхьа иқәгылоу ашәарҭарақәа дрылацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, уажәтәи агеополитикатә ҭагылазаашьаҿы НАТО алалара апроцессаҿ Қырҭтәыла ақәҿиара аҵакы ду амоуп.
Хавиер Коломина Қырҭтәылеи НАТОи русеицура ибзианы дахцәажәан, ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла НАТО азы акрызҵазкәа партниоруп, Алианс Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара иадгылоит.
Хавиер Коломина иажәақәа рыла, адемократиатә реформақәа рымҩаҧгара аганахьала Қырҭтәыла апрогресс иҟоуп. Иара ишиҳәаз ала, НАТО наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла иадгылоит.