Шьалуа Папуашвили Хавиер Коломина диԥылеит
Шьалуа Папуашвили Хавиер Коломина диԥылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Ацентртә Азиеи арегион аҿы  НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Хавиер Коломина диҧылеит.

Шьалуа Папуашвили НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Хавиер Коломина атерриториатә акзаареи атәыла Нато аинтеграциеи рыдгыларазы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.

Хавиер Коломина Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла Евроеидгыла акандидат статус анашьара идиныҳәалан, ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.

Аганқәа Қырҭтәыла инанагӡар иҟоу 9 приоритетқәеи 2024 шықәсазы имҩаԥыран иҟоу алхрақәеи рыхцәажәеит.

Аиԥылара рхы аладырхәит Нато иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Виктор Долиӡеи ашәарҭадаратә комитет ахантәаҩы Иракли Бераиеи.