Шьалуа Папуашвили - Урыстәыла асанкциақәа азышьақәыргылара иҳадзгало, ашәарҭа шәҭагыл ҳәа, Урыстәылаҟны арратә аиҿагылара шәалага ҳәа ҳарҳәоит
Авизақәа ршьақәыргылара, аҳәаа аркра, аԥыррақәа рынагӡара аҿагылара – асанкциоуп, ари Урыстәылаҟны аескалациа ауп иаанаго, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, Урыстәыла асанкциақәа рышьақәыргылара ашьҭахь атәыла ашәарҭадара ашәарҭа иҭагылар ҟалам.
„Ари азҵаара изныкымкәа иқәгылахьеит. Ҵыԥх аоппозициаа аҳәаа аркреи, Урыстәыла атәылауаа авизақәа рзышьақәрыгылареи, аԥыррақәа рыҿагылареи идҵаны иқәдыргылон. Усҟангьы иахьагьы арҭ азҵаарақәа рҭак ауааԥсыра ранаҵеит. Аоппозициаагьы рҳәеит Урыстәыла асанкциақәа азышьақәыргылара ҳтәыла азы ишшәарҭоу. Избан? Авизақәа ршьақәыргылара, аҳәаа аркра, аԥыррақәа рынагӡара аҿагылара – асанкциоуп, ари Урыстәылаҟны аескалациа ауп иаанаго.
Урыстәылатәи ар ҳаҳҭнықалақь 30 км иацәыхараны игылоуп, ари идуӡӡоу арратә шәарҭоуп ҳара ҳтәылазы. Урыстәыла ампыҵахалара аполитикаҟынтә аннексиатә плитикахь аиасра алшоит. Урыстәыла асанкциақәа азышьақәыргылара иҳадазгало, ашәарҭа шәҭагыл ҳәа, Урыстәылаҟны арратә аиҿагылара шәалага ҳәа ҳарҳәоит”, – иҳәеит Папуашвили.