Шьалуа  Папуашвили – Украинатәи сколлега саниацәажәоз, азҵаарақәа рацәа еилҳаргеит, ҳара ҳгәаанагарақәа еиқәшәоит
Шьалуа  Папуашвили – Украинатәи сколлега саниацәажәоз, азҵаарақәа рацәа еилҳаргеит, ҳара ҳгәаанагарақәа еиқәшәоит

Украинатәи сколлегеи сареи ишаҳҳәаз ала, уажәазы иҟоу аилыбамкаара аҭыҧқәҵара ҟалоит, — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент аспикер Шьалуа  Папуашвили.

Папуашвили иҳәамҭала,  украинатәи иколлега даниацәажәоз, азҵаарақәа рацәа еилдыргеит, дара ргәаанагарақәа еиқәшәоит.

«Ҳара иаартны иаҳҳәеит ииашам ҳәа иҳаҧхьаӡо,  сколлега сиацәажәеит,  убри аҟынтә,  авизит мҩаҧгахоит.  Ҳара азҵаарақәа рацәа рзы ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәеит,  ҳҳәатәы еиқәшәоит. Авизит иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп,  уи апарламент ахантәаҩы ивизит акәхоит. Убри иашьашәаланы,  аделегациа аилазаара ҳәаақәҵахоит. Егьырҭ апартиақәа рхаҭарнакцәагьы аделегациа иалахәызар сҭахуп», — иҳәеит  Папуашвили.