Шьалуа Папуашвили Украина иҟалаз аибашьра иахҟьаны Қырҭтәыла иаанхаз Украина атәылауаа аҳәса рымш рыдиныҳәалеит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Украина иҟоу аибашьра амшала Қырҭтәыла иаанхаз Украина атәылауаа аҳәса рымш рыдиныҳәалеит.
Апарламент ахантәаҩи адепутатцәеи Украина атәылауаа иҟоу аҭагылазаашьа ирацәажәан, Украина адгылара ӷәӷәа даҽазнык аадырԥшит.
Шьалуа Папуашвилии адепутатцәеи Украина атәылауаа аҳәаса рымш инамаданы, Қырҭтәыла апарламент ахьӡала, асимволтә ҳамҭақәа рызнаргеит.
Украина иҟоу аибашьра иахҟьаны аҳауатә неиааира аанкылан, Қырҭтәыла иаҭааз Украина атәылауаа рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра рылымшеит. Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара инақәыршәаны, урҭ хәыԥсада асасааирҭақәа ирҭоуп.