Шьалуа Папуашвили Украина ақырҭуа аибашьцәа рҭахара инамаданы адашшылара ҟаиҵеит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Украина фҩык ақырҭуа аибашьцәа рҭаацәарақәа рылахәылацәеи руацәеи дрыдашшылеит.
“Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы фҩык ақырҭуа абиашьцәа Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнаго агрессиатә аибашьра иалаӡит. Украина ицо аибашьраҿ иҭахеит 33-ҩык ақырҭуа аибашьцәа, ари ҳтәыла азы идуӡӡоу ахьаа ауп. Иҭахаз ақырҭуа аибашьцәа рҭаацәарақәа рылахәылацәеи руацәеи гәык ала срыдашшылоит”, – иҳәеи Шьалуа папуашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.