Шьалуа Папуашвили - Украина анапхгара рхаҭарнакцәа ақырҭуа жәлар ргәы аҟаҵара рҭахызар, Зураб Адеишвилии Гиа Лордқиԥаниӡеи Қырҭтәылаҟа иаарышьҭроуп
Украина анапхгара рхаҭарнакцәа ақырҭуа жәлар ргәы аҟаҵара рҭахызар, Зураб Адеишвилии Гиа Лордқиԥаниӡеи Қырҭтәыла аарышьҭроуп, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили Украина Рада афракциа “Жәлар рымаҵуҩы” ахантәаҩы Давид Арахамиа иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Арахамиа иажәақәа рыла, европатәи аԥеиԥ Қырҭтәыла аиҳабыра ракәым, ақырҭуа жәлар роуп зықәнаго.
„Акы сҳәар исылшоит, Украина анапхгара рхаҭарнакцәа ақырҭуа жәлар ргәы аҟаҵара рҭахызар, Зураб Адеишвилии Гиа Лордқиԥаниӡеи Қырҭтәыла аарышьҭроуп. Аӡәы хәуск рыла ашауӷа иқәҵоуп, 19 шықәса аҭакра иқәҵоуп. Иахьа Зураб Адеишвили Украина апрокурор хада ибжьагаҩ иоуп, аиашаӡбара ареофрма напхгара азиуеит. Гиа Лордқиԥаниӡе Саакашвили закәандарала Қырҭтәыла маӡала анеира аус аҿы ихадоу хаҿы иоуп. Украина анапхгара рхаҭарнакцәа ақырҭуа жәлар ргәы аҟаҵара рҭахызар, раԥхьаӡа иргыланы Зураб Адеишвилии Гиа Лордқиԥаниӡеи ҳарҭароуп”,- иҳәеит Папуашвили.