Шьалуа Папуашвили - Украина анапхгара Қырҭтәылаҟны аморалтә пиедестал аҟынтә аҽацәара зин амаӡам
Шьалуа Папуашвили - Украина анапхгара Қырҭтәылаҟны аморалтә пиедестал аҟынтә аҽацәара зин амаӡам

Украина анапхгара аморалтә пиедестал аҟынтә Евроеидгыла ма мраҭашәара атәылақәа рҟны  аҽацәаразы аԥыжәара амоуп, аха Украина анапхгара Урыстәылаҟны хеибашьрак змаз атәылаҟны, Қырҭтәылаҟны аморалтә пиедестал аҟынтә аҽацәара зин амаӡам, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Шьалуа Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, Украина анапхгара рыхәҭак ақырҭуа жәлар рықәлара алнахит.

„Кыраамҭа ҵуеит украинатәи жәлар рҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны, Украина анапхгара рыхәҭак ақырҭуа жәлар анрықәло аамҭазы, ҳара акомментарқәа ҟаҳҵом. Арҭ ақәыларақәа иубарҭан  Михеил Саакашвили абжьагаҩс даналырхуаз, акримминал Адеишщвили иахьа Украина апрокурор хада инапынҵақәа анынаигӡо, Украина аԥшыхәреи аконтрԥшыхәреи рчинҳаракҩцәа Саакашвили маӡала Қырҭтәыла аҳәаа ахысраҿ аницхраауаз аамҭазы”, – иҳәеит Папуашвили.

„Ҳара украинатәи ажәлари аҳәынҭқареи пату рықәаҳҵоит, Украина анапхгара иахьа ахатә жәлар ринтересқәа ирҿагыланы, ақырҭуа жәлар иақәлоит. Аамҭа цоит, ари аибашьра хыркәшахоит, украинатәи ажәлар иахьатәи ахҭысқәа ахәшьара рнаҭоит,“ – иҳәеит апарламент ахантәаҩы.