Шьалуа  Папуашвили - Уажәазы Қырҭтәыла аҽазышәарақәа иахәҭоу ахәшьара рыҭаны, акандидат астатус ҳанаршьап ҳәа сгәыҕуеит
Шьалуа  Папуашвили - Уажәазы Қырҭтәыла аҽазышәарақәа иахәҭоу ахәшьара рыҭаны, акандидат астатус ҳанаршьап ҳәа сгәыҕуеит

2023 шықәса жәабран азы Еврокомиссиа  Қырҭтәыла ала абжьагарақәа рынагӡара аганахьала иҟоу апрогресс ахәшьара аҭара иалагоит.  Уажәазы Қырҭтәыла аҽазышәарақәа иахәҭоу ахәшьара рыҭаны, акандидат астатус ҳанаршьап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалус Папуашвили апленартә аилатәараҿы  2022 шықәсазы апарламент инанагӡаз аусуреи  2023 шықәсатәи апланқәеи данрылацәажәоз.

Шьалуа  Папуашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ашәарҭадареи асоциал-економикатә аҿиареи ацхраара азҵаара  2023 шықәсазы апарламент аусураҿы аҧыжәара амазаауеит.

«2023 шықәса жәабран азы Еврокомиссиа  Қырҭтәыла ала абжьагарақәа рынагӡара аганахьала иҟоу апрогресс ахәшьара аҭара иалагоит.  Лабҿаба иубараҭоу алҵшәа бзиақәеи,  2023 шықәса жәабран 3 рзы Еврокомиссиа ицәырнагаз аҳасабырба бзиеи иазҧхьагәаҭаны, уажәазы Қырҭтәыла аҽазышәарақәа иахәҭоу ахәшьара рыҭаны, акандидат астатус ҳанаршьап ҳәа сгәыҕуеит.

Убри аҟынтә,  2023  шықәсазы Қырҭтәыла апарламент аусураҿы аҧыжәара рымазаауеит Евроеидгыла алалара апроцессаҿ ҧхьаҟацареи, апараламент аинститутциатә арҕәҕәареи, Қырҭтәыла ашәарҭадареи асоциал-економикатә аҿиареи аиқәыршәара ацхраареи. Аусеицура ҕәҕәа абзоурала, ҳтәыла аҭынчратә, аекономикатә ганахьла иҕәҕәоу, иҭышәынәталоу, европатәи аҧеиҧш аиқәыршәараҿы зҵакы дуу алҵшәақәа ҳауп ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит  Шьалуа  Папуашвили.