Шьалуа Папуашвили – Венециатәи акомиссиа агәаанагарақәа Қырҭтәыла ауааҧсыра  ргәаанагара иашьашәалам  
Шьалуа Папуашвили – Венециатәи акомиссиа агәаанагарақәа Қырҭтәыла ауааҧсыра  ргәаанагара иашьашәалам  

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала «аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи» ирызку аконституциатә ҧсахрақәа ирыдҳәаланы Венециатәи акомиссиа агәаанагарақәа Қырҭтәыла ауааҧсыра  ргәаанагара иашьашәалам.

Папуашвили иажәақәа рыла,   «Қырҭтәыла ауааҧсыра ахаҵеи аҧҳәыси реибагара мацара иақәшаҳаҭуп,  убри аамҭазы Венециатәи акомиссиа кәалк змоу реибагара иазхаҳҵарц иҳабжьаргоит».

Папуашвили ишиҳәаз ала, арегионқәа рҿы ари азҵаара аргама ианалацәажәоз ишеилкаахаз ала, ауааҧсыра  реиҳара ахаҵеи аҧҳәыси реибагара иазку ахәҭаҷ иадгылоит.

«Иахьа ишаабо ала,  кәалк змоу реибагара иазхаҳҵарц иҳабжьаргоит,  хәыҷы-хәаҷла ҳуаажәларраҿы рҽышьақәдырҕәҕәар рҭахуп,  убри аҟынтә, иаамҭаны ақәҿыҭра ҟаҳҵароуп», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.