Шьалуа Папуашвили - Вано Мерабишвили иқәыз азыӡба ихигеит, аха, иҟаиҵаз ацәгьаурақәа рымшала активла аполитика аҽалархәразы аморалтә зин имам
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалу Папуашвили ишиҳәаз ала, «Амилаҭтә ҵысра» аҿы апроцессқәа зегьы анапхгара рызҭо деилкаахеит.
Папуашвили иҳәамҭала, иакымкәа ацәгьаурақәа ҟазҵахьаз Вано Мерабишвили уажәы еиҭах аполитикаҿ иҽирҕәҕәар иҭахуп.
«Уажәы ари ауаҩы еиҭах аполитикаҿы иҽирҕәҕәар иҭахуп. Ааи, иара азакәан аҿаҧхьа изыӡба ихигеит, аха, иҟаиҵахьаз ацәгьаурақәа рымшала, активла аполитика аҽалархәразы аморалтә зин имам. Еиҭасҳәар сҭахуп, иара азакәан аҿаҧхьа аҭакҧхықәра игеит, аха, ҧасатәи анапхгара рхаан, дара рымшала азарал зауз ауааҧсыра рҿаҧхьа уажәгьы аҭакҧхықәра идуп», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.