Шьалуа Папуашвили – Ҩымз рыла лабҿаба иубарҭахеит ганкала – ажәлар ринтересқәа мҩаҧызго «Ақырҭуа гәахәтәы» шыҟоу, егьи аганахьала – атәым тәылақәа ринтересқәа зыхьчо аоппозициеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи шыҟоу
«Ҩымз рыла лабҿаба иубарҭахеит ганкала – ажәлар ринтересқәа мҩаҧызго «Ақырҭуа гәахәтәы» шыҟоу, егьи аганахьала – атәым тәылақәа ринтересқәа зыхьчо аоппозициеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи шыҟоу», – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.
Папуашвили иажәақәа рыла, атәым тәыла егьа иаҳҩызазаргьы, ҳпартниор акәзаргьы, Қырҭтәылазы аҩыза хада – ақырҭуа жәлар роуп, егьырҭ атәылақәа зегьы – атәым ҳәынҭқаррақәоуп.
«Ҳара интересск ауп иҳамоу — ақырҭуа жәлар ринтерес, егьырҭ ажәларқәа ринтересқәа дара ртәылақәа ирызхәыцааит, дара рҟынтә аҧара зауа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ракәымкәа. Дара ахырхарҭа рцәеилаҩашьеит. Шьҭрала иқырҭуаауп, Қырҭтәыла иатәылауаауп, аха, атәым тәылақәа рымаҵ руеит, уи фактуп. Руаӡәы уи аргама иазхалҵеит. Хаҭиа Деканоиӡе дышәгәалашәома, лара аргама аалыцҳаит Украинеи Америкеи рмаҵзурақәа аус шрыцылуаз Қырҭтәыла асанкциақәа азышьақәыргылара азҵааразы. Ақырҭуа жәлар абри зегьы рбоит», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.