Шьалуа Папуашвили  - Ҩажәеижәаба шықәса раҧхьа, иахьатәи амш азы Ақәа каҳаит,  ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп ҳаамҭазатәи аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа илашьцаз амш иаҳа еиҕьу ҳҧеиҧш алагамҭаны ишыҟало
Шьалуа Папуашвили  - Ҩажәеижәаба шықәса раҧхьа, иахьатәи амш азы Ақәа каҳаит,  ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп ҳаамҭазатәи аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа илашьцаз амш иаҳа еиҕьу ҳҧеиҧш алагамҭаны ишыҟало

«Ҩажәеижәаба шықәса раҧхьа, иахьатәи амш азы Аҟәа каҳаит. Уи инаваргыланы, ҳтәыла ирласны аиҭакреи мраҭашәаратә милаҭқәа рҭаацәара алахәызаареи иазкыз ҳабиҧара ргәыҕрақәа каҳаит. Усҟан Урыстәыла аимпериалисттә амбициақәа жәларбжьаратәи ауаажәларра рҽазышәарақәа раасҭа иҕәҕәан», – иҩит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.

Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, убри аамҭа инаркны Қырҭтәыла агәаҕьра ду шамоу аанарҧшит.

«Ҳара аҭоурыхтә аиашара аиҭашьақәыргылара ҳҽазаҳкит, аха, усҟан,  жәларбжьаратәи амчтә политика ҳаҿагылеит.

Аха,  убри аамҭа инаркны, Қырҭтәыла агәаҕьра ду шамоу аанарҧшит. Ҳара ихьыҧшым аҳәынҭқарреи адемократиатә институтқәеи рышьаҭа ҕәҕәа аҧаҳҵеит, ацәгьауреи акоррупциеи қәҿиарала ҳарҿагылеит, авторитаризм аҵаҳархеит, ауаа иреиҷаҳауа   адемократиатә аиҳабыра еиҿаҳкааит, аҕарра еиҵаҳтәит, НАТОи Евроеидгылеи ҳарзааигәахеит, аҭынчра ҳахьчоит, аекономика арҿиара ҳаҿуп.

Абри зегьы ҟаҳҵеит аҵыхәтәантәи  30 шықәса рыла, егьырҭ атәылақәа рацәа уи џьаршьозар ҟалап. Абарҭ ақәиарақәеи апрогресси агәыҕра ду ҳарҭоит  1993 шықәса цәыббра  27 рзы иҟалаз ахҭыс ҳаамҭазтәи аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа ахьаа зцыз хҭысны ишаанхо, ҳаҧхьаҟа  ҳмилаҭтә хықәкқәка рынагӡараҿы иаҳа ақәҿиара шҳауа, амилаҭтә акзаара аиқәыршәареи НАТОи Евроеидгылеи рахь аинтеграциеи шҳалшо.

Зегьы реиҳа илашьцоу асааҭ ашамҭа алагамҭазоуп ианыҟоу ҳәа рҳәоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп ҳаамҭазатәи аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа илашьцаз амш иаҳа еиҕьу ҳҧеиҧш алагамҭаны ишыҟало», — иҩит  Папуашвили.