Шьалуа Папуашвили  – Туркменистан ахадеи сареи ҳаиҧылараан ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәеит, ҷыдала ҳарзааҭгылеит Абжьаратә корридор аҿиара аперспективақәа
Шьалуа Папуашвили  – Туркменистан ахадеи сареи ҳаиҧылараан ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәеит, ҷыдала ҳарзааҭгылеит Абжьаратә корридор аҿиара аперспективақәа

 

«Туркменистан ахадеи сареи ҳаиҧылараан ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәеит, ҷыдала ҳарзааҭгылеит Абжьаратә корридор аҿиара аперспективақәа», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили  Туркменистан ахада даниҧыла ашьҭахь.

Папуашвили иажәақәа рыла,  аиҧылараҿы акультуратә усеицурагьы иазааҭгылеит.

«Иара убас,  ҳара атәылақәа рыбжьара ишиашо ареисқәа рымҩаҧгара аҵакы азгәаҳҭеит,  уи ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи реизыҟазаашьақәа реиҕьтәреи атуризм аҿиареи иацхраауеит. Сара Туркменистан ахада ҭабуп ҳәа иасҳәеит Ашхабад Шоҭа Русҭавели ибаҟа аргыларазы. Ари афакт ибзиаӡаны аанарҧшуеит дара ақырҭуа культуреи аҭоурыхи пату шақәырҵо», — иҳәеит Шьалуа  Папуашвили.

Зыӡбахәы ҳәоу аиҧылара мҩаҧган Шьалуа Папуашвилии апарламенттә делегациеи Ацентртә Азиа арегионаҿ рвизит аҳәаақәа ирҭагӡаны.