Шьалуа Папуашвили – Страсбургтәи аӡбарҭа ишьақәнарҕәҕәеит «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан аҵакы ду шамоу, ажәлар ирдыруазароуп амцҳәаратә кампаниақәа аҧара рылазҵо
«Абри ақәҵара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит ақырҭуа аӡбарҭа ақәҵарақәа ишиашоу, аполитикатә аиашаӡбара адыргақәа шыҟам», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иахьатәи абрифинг аҿы Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара данахцәажәоз.
«Жәашықәса рыҩныҵҟа гәыҧқәак ақырҭуа аӡбарҭеи инеизакны аҳәынҭқарреи ҧырхага азаагара иаҿуп. Ишәгәалашәозар ҟалап Европарламент арезолиуциақәа рацәа Михаил Саакашвили ихақәиҭтәра ишаҳәоз, атәым дипломатцәеи аполитикцәеи Михаил Саакашвили закәандарала дҭакуп ҳәа рҳәон. Акампаниа «Free Misha» шымҩаҧысуаз шәгәалашәоит. Уи иалахәын «Амилаҭтә ҵысреи» иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи, аҳәаанырцә иҟоу рлобистцәеи. Аха, уезгьы, знымзар-зны аиаша еилкаахоит. Ақырҭуа аиашаӡбара иаҿагыланы жәашықәса инагӡоз акампаниа ихыбгалеит, уи иахьа ихыркәшоуп, иахьа аиашара ашьақәыргылара мшуп. Арадикалтә оппозициеи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи, аҳәаанырцәтәи рлобистцәеи жәашықәсатәи ркампаниа ихыбгалеит, аха, ҳара ҳнапала акәымкәа, Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵарала.
Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара даҽа ҵакыкгьы амоуп. Уи ишьақәнарҕәҕәеит «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан аҵакы ду шамоу, ажәлар ирдыруазароуп амцҳәаратә кампаниақәа аҧара рылазҵо. Арҭ акампаниақәа хықәкык ауп ирымоу – ажәлар реиҟәшареи Қырҭтәыла аҩныҵҟа аимаки аилаҩынтәреи аиҿкаареи», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.