Шьалуа Папуашвили  - Страсбург ирыдыркылаз ақәҵарала ишьақәырҕәҕәоуп аҳәынҭқарра Саакашвили ҳаҭырқәҵарала ишизныҟәо, ауаҩытәыҩса изинқәа иреиҳаӡоу астандартқәа ирышьашәаланы
Шьалуа Папуашвили  - Страсбург ирыдыркылаз ақәҵарала ишьақәырҕәҕәоуп аҳәынҭқарра Саакашвили ҳаҭырқәҵарала ишизныҟәо, ауаҩытәыҩса изинқәа иреиҳаӡоу астандартқәа ирышьашәаланы

Страсбург ирыдыркылаз ақәҵарала ишьақәырҕәҕәоуп аҳәынҭқарра Саакашвили ҳаҭырқәҵарала ишизныҟәо, ауаҩытәыҩса изинқәа иреиҳаӡоу астандартқәа ирышьашәаланы, – иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.

Иара иажәақәа рыла, Саакашвили ибаандаҩтәра раҧхьатәи амш инаркны Қырҭтәыла иаҿагыло адезинформациатә кампаниа мҩаҧысуеит.

„Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы европатәи аӡбарҭа Саакашвили иҳәара нанамгӡеит, аҳәаанырцәҟа ииагаразы мап ркит.  Страсбург ирыдыркылаз ақәҵарала ишьақәырҕәҕәоуп аҳәынҭқарра Саакашвили ҳаҭырқәҵарала ишизныҟәо, ауаҩытәыҩса изинқәа иреиҳаӡоу астандартқәа ирышьашәаланы. Саакашвили ибаандаҩтәра раҧхьатәи амш инаркны Қырҭтәыла иаҿагыло адезинформациатә кампаниа мҩаҧысуеит.  Абри аҩыза аҳәамҭақәеи, адемаршқәеи, арезолиуциақәеи ҳтәылеи ҳажәлари ҧырхага ду рзааргеит.  Зыӡбахәы ҳәоу акампаниа иалахәып ақырҭуа оппозициеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи, иара убас, атәым политикцәеи адипломатцәеи.  Дара рызынтәгьы ҳтәылеи ҳажәлари ирзааргаз аҧырхага аҧыхра рҽазыркыр еиҕьын. Убри ала ақырҭуа жәлар пату шрықәырҵо аадырҧшуан“, – иҩит Шьалуа Папуашвили.

Иахьа ишеилкаахаз ала, Страсбургтәи аӡбарҭа Михаил Саакашвили Варшаваҟа ииагаразы мап ркит, насгьы аҳәынҭқарра иадрымҵеит Саакашвили атәыла аҩныҵҟа даҽа клиникакахь ииагара.