Шьалуа Папуашвили  Швеицариа Аҿиареи аусеицуреи рзы агентра  адиректор длацәажәеит Швеицариа Қырҭтәыла имҩаҧнагаз апроектқәа ирызкны
Шьалуа Папуашвили  Швеицариа Аҿиареи аусеицуреи рзы агентра  адиректор длацәажәеит Швеицариа Қырҭтәыла имҩаҧнагаз апроектқәа ирызкны

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии  Швеицариа Аҿиареи аусеицуреи рзы агентра  адиректор  Патрициа Данци Швеицариа ала Қырҭтәыла имҩаҧгоу апроектқәа ирылацәажәеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура.

Аганқәа рхаҭарнакцәа аҧсабарахьчареи, ақыҭанхамҩеи, аҵареи, егьырҭ аусхкқәеи рҿы аусеицуреи наҟ-наҟ уи арҭбааразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит.

Иара убас, аиҧылара алахәылацәа, Амшын еиқәеи Аахыҵ Кавкази арегионқәа рҿы имҩаҧысуа агеополитикатә аиҭакрақәеи, Қырҭтәыла евроинтеграциеи, атәылаҿы имҩаҧысуа ареформақәеи ирылацәажәеит.

Агентра адиректор ишылҳәаз ала, ҳаҧхьаҟа Қырҭтәыла швеицариатәи активраҿы аҧыжәара змоу атәылақәа  ируакхоит.