Шьалуа  Папуашвили – Сара ирыдазгалеит Украинаҟа ицо аделегациаҿы апарламенттә аиҳареи аоппозициеи рҟынтә хҩык-хҩык адепутатцәа иҟазарц, аха, аоппозициаа иақәшаҳаҭымхеит
Шьалуа  Папуашвили – Сара ирыдазгалеит Украинаҟа ицо аделегациаҿы апарламенттә аиҳареи аоппозициеи рҟынтә хҩык-хҩык адепутатцәа иҟазарц, аха, аоппозициаа иақәшаҳаҭымхеит

 

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, Украинаҟа ивизит ҳазну амчыбжь азы имҩаҧысыр ҟалап.

Шьалуа Папуашвили ишазгәеиҭаз ала,  аоппозициаа аполитикатә гәыҧ цыҧхьаӡа аҟынтә аӡәаӡәа адепутатцәа рдәықәҵаразы ажәалагала ҟарҵеит, аха, усҟан аделегациа алахәылацәа рацәаҩхоит.

«Ҳара хықәкык иаҵшьны иазгәаҳҭароуп, ари апарламент ахантәаҩы ивизит ауп, Қырҭтәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара иазку апарламентә ахаҭарнакратә визитуп», — иҳәеит  Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, анапхгаратә партиа аҟынтә аделегациа иалазаауеит адепутатцәа Арчил Ҭалакваӡеи, Давиҭ Сергеенкои, Беқа Одишариеи.

«Ари авизит мҩаҧгахоит, уи ала Қырҭтәыла апарламент ахьӡала адгылара рзааҳарҧшуеит. Аоппозициатә депутатцәа  адгылара аарҧшра  рҽаладмырхәыр рыцҳахоит», — иҳәеит  Папуашвили.