Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла Украина адгылара ажәақәа мацара акәым, иӷәӷәоу аполитикатәи адипломатиатәи шьаҿақәа азаанарԥшит
Урстәыла Украина анақәла, амилаҭтә суверенитети, атерриториатә акзаареи, ауаҩытәыҩса изинқәеи азакәан аиҳаӡареи рнормақәа еиланагеит, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалу Папуашвили Европа ахеилак иалоу атәылақәа рпарламентқәа рхантәаҩцәа европатәи рконференциаҿ даныҟәгылоз.
Аконференциа темас амоуп “Украина аганахьала Урыстәыла иалагаз аибашьра алҵшәақәеи амилаҭтә парламентқәа рроли Украина аиҭашьақәыргылара аус аҿы”.
Шьалауа Папуашвили иажәақәа рыла, Урстәыла Украина анақәла, амилаҭтә суверенитети, атерриториатә акзаареи, ауаҩытәыҩса изинқәеи азакәан аиҳаӡареи рнормақәа еиланагеит. Алибералтә жәларбжьаратәи аиҿкаашьа еиланагеит.
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы, Қырҭтәыла ибзиаӡаны иадыруеит Урыстәыла зымҽхак ҭбаау агрессиа зеиԥшроу.
Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, “агрессор иҳгәалаҳаршәароуп аҭынчра альтернатива шамам”