Шьалуа  Папуашвили – Қырҭтәыла Молдовеи Украинеи рҟынтә адҵра апроцесс  аҵыхәа ҧҵәатәуп, избанзар, убри амшала ҳрегион агрессор иган аҟынтә ашәарҭара иҭагылоит
Шьалуа  Папуашвили – Қырҭтәыла Молдовеи Украинеи рҟынтә адҵра апроцесс  аҵыхәа ҧҵәатәуп, избанзар, убри амшала ҳрегион агрессор иган аҟынтә ашәарҭара иҭагылоит

«Румынтәыла Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит. Иара убас, Румынтәыла ҳтәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциа ҕәҕәала иадгыло аҳәынҭқаррақәа иреиуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Румынтәыла Сенатаҿ данықәгылоз.

Папуашвили иажәақәа рыла, Евроеидгыла агеополитикатә хәмарҩы аҳасабала ахатә роль анынанагӡаша аамҭа ааит, ари аиҿкаара ҭоурыхла европатәи аҭаацәара иаҵанакәа атәылақәа рҭаххара нанагӡароуп.

«Ҵыҧх, Қырҭтәыла европатәи аперспектива аназхарҵа, ҳареи Евроеидгылеи ҳаизыҟазаашьақәа рҿы аетап ҿыц иалагеит. Аха, уажәы, астратегиатә ҵакы змоу даҽа аӡбарак анрыдыркылаша аамҭа ааит, Қырҭтәыла акандидат астатус анашьаны, Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи Евроеидгылашҟа ралаларазы аиҿцәажәарақәа иалагароуп.

Қырҭтәыла Молдовеи Украинеи рҟынтә адҵра аҵыхәа ҧҵәатәуп, уи аҵакы ду амоуп, избанзар, убри амшала ҳрегион агрессор иган аҟынтә ашәарҭара иҭагылоит. Румынтәылатәи ҳпартниорцәа даҽазнык срыҳәоит ари апроцессаҿы аҧызара рурц.

Қырҭтәыла европатәи ашәарҭадареи аекономикатә хырҳагареи раиура мацара акәым иаҭаху, ҳара, апартниор-тәыла ҳасабала, алагала ду ҟаҳҵоит европатәи аглобалтәи хықәкқәа рынагӡара аус аҿы. Қырҭтәыла европатәи аҭышәынтәаларазы зыҟаҵара алшо рацәоуп», — иҳәеит Папуашвили.