Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Словакиа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диԥылеит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Словакиа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Матуш Бушовси диԥылеит.
Апарламент апрессмаҵзура аинформациа ала, Шьалуа Папуашвили Матуш Бушовски ацҳаражәҳәаҩ иҭыԥ аанкылара идиныҳәалан, ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.
“Аганқәа Қырҭтәылеи Словакиеи ирыбжьоу аусеицура адинамика ахәшьара ҳарак арҭеит.
Аиԥылараҿ ирыхәаԥшит ақырҭуа-словакиатә ҩганкалатәи аизыҟазаашьақәеи, Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара амҩаҿ амоу апрогресси, арегион аҟны иҟоу аҭагылазаашьеи.
Ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз, ловакиа Қырҭтәыла акандидат статус анашьара адгылоит”, -иануп аинформациа аҿы.