Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Казахстан ацҳаражәҳәаҩ Малик Мурзалин диҧылеит.
Апарламент апрессмаҵзура адыррала, Шьалуа Папуашвили ацҳаражәҳәаҩ ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы, иара ишазгәеиҭаз ала, иахьатәи адунеиаҿ жәларбжьаратәи зин апринципқәа рықәныҟәара аҵакы ду амоуп.
„Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Казахстани рыбжьара ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан ахәаахәҭреи аинвестициақәеи рхырхарҭала адианамика азҳара ишаҿу. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, „Абжьаратә корридор“ ароль азҳара иазҧхьагәаҭаны, ҩ-тәылак русеицура иаҳа аҵакы аиуеит.
Ацҳаражәҳәаҩ Шьалуа Папуашвили изеиҭеиҳәеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Казахстан имҩаҧгаз ареформақәа ирызкны“, – иануп апарламент апрессмаҵзура аинформациаҿы.