Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Бразилиа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диԥылеит
Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Бразилиа Афедеративтә республика ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Карлос Мартинс Сеглиа диԥылеит, – аанацҳаит апарламент апрессмаҵзура.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, аганқәа Қырҭтәылеи Бразилиеи ирыбжьоу ҩганктәи еизыҟазаашьақәа иахцәажәеит.
“Хшыҩзышьҭра азуун апарламентбжьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара. Шьалуа Папуашвили Женева Бразилиа аконгресс ҵаҟатәи апалата ахантәаҩы иҟны имҩаԥгаз аиԥылара игәалаиршәеит. Иара убас аганқәа аекономикеи акультуреи рхырхарҭақәа рыла аусеицура арӷәӷәара иазааҭгылеит.
Шьалуа папуашвили ацҳаражәҳәаҩ ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит. Аиԥылараҿ дыҟан апарламентаҿ иҟоу аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы акомитет ахантәаҩы Мариам Лашхьи”, – иануп аинформациа аҿы.