Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла ахада "Алхратә закәанеидкыла" иазку азакәан иақәылҵаз вето ариаиира ҳалшоит, Саломе Зурабишвили хықәкыс илымоуп "Амилаҭтә ҵысра" ихырҳагоу аҭагылазаашьа аиҿкаара
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ахада “Алхратә закәанеидкыла” иазку азакәан иақәылҵаз вето ариаиира рылшоит.
Папуашвили шазгәеиҭаз ала, Саломе Зурабишвили хықәкы заҵәыкс илымоуп “Амилаҭтә ҵысра” ихырҳагоу аҭагылазаашьа аиҿкаара.
“Амилаҭтә ҵысра” алхрақәа рылҵшәақәа рызхаҭара аҭахым, урҭ 2012 шықәсазы, 2016 шықәсазы, 2020 шықәсазы имҩаԥгаз алхрақәа рылҵшәақәа иазхарымҵеит, иҳамоу аԥышәала еилаҳкаауеит, сынтәа имҩаԥысран иҟоу алхрақәа рылҵшәақәа рызхаҵарагьы шырҭахым”, — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.
Апарламент – иреиҳаӡоу ахаҭарнакратә органупю Қырҭтәыла апарламент аҿы иаарԥшу аиҳара – Қырҭтәыла ауааԥсыра реиҳара рхаҭарнакцәоуп, убри аҟынтәалхрақәа рахь Қырҭтәыла ауааԥсыра реиҳара рхаҭарнакцәа роуп ицо. Абри ауп аҳәынҭқарреи адемократиеи ҳәа ҳәзышьҭоу. Егьы – абеллетристикоуп, — иҳәеит Папуашвили.
Хәажәкыра 5 рзы Саломе Зурабишвили “Алхратә закәанеидкыла” авето ақәылҵеит.