Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла арегионқәа урыстәылатәи ампыҵахалара аҵаҟа иҟоуп, аха ари иахәамԥшыкәа  Украинатәи ажәлар ҳрыдгылоит
Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла арегионқәа урыстәылатәи ампыҵахалара аҵаҟа иҟоуп, аха ари иахәамԥшыкәа Украинатәи ажәлар ҳрыдгылоит

– Қырҭтәыла арегионқәа урыстәылатәи ампыҵахалара аҵаҟа иҟоуп, аха ари иахәамԥшыкәа Украинатәи ажәлар ҳрыдгылоит, ари амҩа ахыҵра ҳгәы иҭам, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Хорватиа аҳҭнықалақь, Загреб имҩаԥысуа Ҟрымтәи жәларбжьаратәи аплатформа актәи апарламенттә ассамблеиа аҿы данықәгылоз.

Шьалуа Папуашвили иажәақәа рыла, жәабран 24-нӡагьы ақырҭуааи, молдовааи украинааи Урыстәыла агрессиа зеиԥшраз ибзиаӡаны ирдыруан.

“Ақырҭуа жәлар абри еиԥш ажәылара  2008 шықәсазы ирзыргахьеит, ари ибзианы ижәдыруеит, аха агрессиа 1990-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсни Цхинвалтәи арегиони рҟны алагеит.

Аурыс танкқәа ақырҭуа қыҭақәа ықәрхуан, урыстәылатәи аҳаирпланқәа ҳԥеиԥш абомбақәа рыларыжьуан. Зықьҩыла ҳтәылауаа рабацәа рыҩнқәа рҟынтә мчыла ихган, аетникатә рыцқьара, ауаҩытәыҩа иҟазшьа иацәтәым ахымҩаԥгашьа – ари зегьы иаабахьеит,” – иҳәеит Папуашвили.