Қырҭтәыла апарламент адепутатцәа Шьалуа Папуашвили азакәанҧҵаратә орган хантәаҩыс далырхит. Папуашвили икандидатура иадгылеит 88ҩык адепутатцәа, апарламент ахантәаҩы иалхразы 104ҩык адепутатцәа рбыжьқәа аҭахын.
Ахантәаҩыс далырхаанӡа, Шьалуа Папуашвили адепутатцәа рҿаҧхьа дықәгылан, рызҵаарақәа аҭак риҭеит. Папуашвили ишиҳәаз ала, илшо зегьы ҟаиҵоит атәылеи ажәлари ишахәҭоу еиҧш рымаҵ иурцазы.
«Апарламент аиҳара ҭабуп ҳәа расҳәоит апарламент ахантәаҩы иҭыҧ азы скандидатура ахьықәдыргылаз азыҳәан. Сара сзы уи ҳаҭыр дууп, ҳтәылеи ҳажәлари, ҳполитикатә гәыҧи рҿаҧхьа аҭакҧхықәра ду сыдуп. Убри аҟынтә, исылшо зегьы ҟасҵоит ҳтәылеи ҳажәлари ишахәҭоу еиҧш рымаҵ ауразы. Каха Куҷава ҭабуп ҳәа ҳәа иасҳәоит, избанзар, аполитикатә ганахьала иуадаҩӡаз аамҭазы қәнагарала апарламент дахагылан, апарламенттә ҧсҭазаара аиҭашьақәыргылара илшеит», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.
Каха Куҷава Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы иҭыҧ аҿы инапынҵақәа шьҭеиҵеит ҧхынҷкәын 24 рзы.